Print this page

Акультура Аминистрра ансамбль «Адац» риубилеи рыдырныҳәалеит 

18 Ԥхынгәы 2019 334

Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистрра ансамбль «Адац» риубилеи рыдырныҳәалеит. Адныҳәалараҿы иаҳәоит:

«Ҳаҭыр зқәу Руслан Мкан-иҧа!

Акыр иаҧсоу Гәдоуҭатәи араионтә ахәыҷтәы акәашаратә ансамбль «АДАЦ» аилазаара!

Аҧсны Аҳәынҭқарра Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи Рминистрра ахьӡала ишәыдаҳныҳәалоит Гәдоуҭатәи араионтә ахәыҷтәы акәашаратә ансамбль «Адац» 30 шықәса ахыҵра.

Ҳтәылаҿы ирацәоуп ахәыҷтәы арҿиаратә коллективқәа иаадырҧшуа аихьӡарақәеи. Урҭ рхыҧхьаӡараҿ иҟоуп ансамбль «Адац». Араион аҩнуҵҟа адагьы, ансамбль «Адац» алҵшәа бзиақәа аанарҧшхьеит ҳтәыла анҭыҵгьы, шәрылахәуп Жәларбжьаратәи аконкурсқәеи, афестивальқәеи, урҭ рҟны ишәанаршьахьеит аҧхьахәтә ҭыҧқәеи, аҳамҭақәеи. Шәара еиқәырханы иаажәгоит аҧсуа жәлар рыкәашарақәа, урҭ рынагӡара ҭакҧхықәрала шәазнеиуеит, иагьшәыцааиуеит. Шәара аҧеиҧш змоу рҿиаратә коллективуп, шәырҿиаратә мҩа иацуп агәыҕра, уи арҵабыргуеит ансамбль асахьаркыратә напхгаҩы шәара шәахь иааирҧшуа азнеишьа ҷыда.

Ишәзеиҕьаҳшьоит зегь раҧхьаӡа иргыланы агәабзиара, агәамч, аманшәалара, иреиҳау аихьӡарақәа, ҧхьаҟа ақәҿиарақәа».